Ҳавиер Коломина аоппозициа ахаҭарнакцәа дырҧылоит
Ҳавиер Коломина аоппозициа ахаҭарнакцәа дырҧылоит

НАТО аофис аҿы,  НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Ҳавиер Коломина аоппозициа ахаҭарнакцәа дырҧылоит. Аиҧылара иалахәып  «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнак Гьаргь Барамиӡеи,   «Аҕмашенебели истратегиа» алидер Гьаргь Вашаӡеи,   апартиа  «Қырҭтәылазы» алахәыла  Беқа Лилуашвилии,  апартиа  «Лело» иалахәы  Анна Нацвлишвилии.

Иара убас,  НАТО аофисаҿ еизоит Қырҭтәыла аус зуа адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа,  аоппозициаа рнеҩс,  даргьы Ҳавиер Коломина иҧылоит.

Британиа Дуи,  Литвеи,  Швециеи,  Ҭырқәтәылеи ацҳаражәҳәаҩцәа аофисахь инеихьеит.