Гори Сталин иирамш  иазгәарҭеит  (афото)
Гори Сталин иирамш  иазгәарҭеит  (афото)

Гори Сталин иира инаркны  141 шықәса аҵра иазгәарҭеит. Акоммунисттә партиеи  ауаажәларра  «Сталинистцәа»-и алахәылацәа Сталин иҩны-музеи аҧхьа еизеит. Горинтә ари атәы ааицҳаит Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналист.

Сталин иирамш инамаданы еизаз ауааҧсыра Сталин иҩны-музеи аҧхьа игылоу ибаҟаҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит. Иара убас, акциа алахәылацәа Гори ашҭа хадаҿы Сталин ибаҟа аиҭашьақәыргылара иаҳәеит,  ари абаҟа  2010 шықәсазы иқәыргеит.