Гори «Амилаҭтә ҵысра» аофис аҿы аԥенџьырқәа ԥырҽит
Гори «Амилаҭтә ҵысра» аофис аҿы аԥенџьырқәа ԥырҽит

Гори «Амилаҭтә ҵысра» аофис ахаҳәқәа агәыдырҵан, аԥенџьырқәа ԥырҽит.

Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналист ишааицҳаз ала, аофис ахь азакәанхьчаҩцәа инеит.

«Амилаҭтә ҵысра» гортәи еиҿкаара ахаҭарнакцәа ражәақәа рыла, аофис гәыԥҩык арԥысцәа ахаҳәқәа агәыдырҵеит.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра афакт азы ашьаус 187-тәи ахәҭаҷ инақәаршәаны хацнаркит.