Гогебашвили имҩаҿ иҟалаз ауаҩшьра азы аполициа адепартамент аусуҩцәа хазхаҭалатәи ахьчара аҟәша аинспектор еиҳабы дааныркылеит
Гогебашвили имҩаҿ иҟалаз ауаҩшьра азы аполициа адепартамент аусуҩцәа хазхаҭалатәи ахьчара аҟәша аинспектор еиҳабы дааныркылеит

Аусԥшааратә маҵзура ҷыда аусуҩцәа Қарҭ, Гогебашвили имҩаҿ иҟалаз гәҭакылатәи ауаҩшьреи ахымцабџьар изакәанымкәа аныҟәгареи рзы, Аҩнуҵатәи аусқәа рминистрра иаҵанакәа  аполициа адепартамент аусуҩцәа хазхаҭалатәи ахьчара аҟәша аинспектор еиҳабы К.К. дааныркылеит, – иахьатәи абрифинг аҿы ааицҳаит аусԥшааратә мҵзура ҷыда аҟәша аиҳабы Бачо Кварацхелиа.

Аусԥшаара аан ишеилкаахаз, Аҩнуҵатәи аусқәа рминистрра иаҵанакәа  аполициа адепартамент хазхаҭалатәи ахьчара аҟәша аинспектор еиҳабы К.К.-и ихьчоз ахаҿы Г.М иуеи иареи лаҵара 4 рзы Гогебашвили имҩаҿ иҟоу аресторан “Ла Вера” аԥхьа даныҟаз ҭлла дцәажәон. Дук мырҵыкәа Г.М. бџьарла еибыҭаз С.Г. дизааигәахан, диеихсын, дихәит. Ари ашьҭахь С.Г. абналара иҽазикит. Аҭыԥ аҿы иҟаз К.К. С.Г. абналара алшара иимҭан, диеихсит. С.Г. аҭыԥаҵәҟьа дыԥсит.