Гитанас Науседа - Украинеи Қырҭтәылеи Молдовеи Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус ранашьара алшара шыҟоу агәра згоит
«Рашәара алагамҭазы Еврокомиссиа ахатә аихшьла цәырнагап ҳәа сгәыҕуеит, анеҩс аполитикатә аӡбара рыдыркылоит. Украинеи Қырҭтәылеи Молдовеи Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус ранашьара алшара шыҟоу агәра згоит», — иҳәеит Литва ахада Гитанас Науседа.
«Ишыжәдыруа ала, уи аполитикатә процессуп, ишубарҭоу ала, Украина аҧыжәара амоуп, ари атәыла европатәи апринципқәа ирзықәҧоит. Дара ҳара ҳазынтәгьы ҳрыхьчоит. Убри аҟынтә, уажәазы Украиназы иҟаҳҵар иҳалшо акоуп — акандидат астатус анашьара. Қырҭтәылагьы ҩынтә Урыстәыла иабашьахьеит, Урыстәыла хықәкыла ари аполитика мҩаҧнагоит. Зны аимак иалагоит, анеҩс уи дырҵаауеит. Урыстәыла абри аҩыза алшара уаҳа иаҳамҭароуп. Џьоукы ирҳәоит Украина аибашьра иаҿуп, зны аиааира ргааит ҳәа. Аха, ҳгәы ишаанаго ала, Украина уажәыҵәҟьа астатус аҭатәуп. Дара рықәҧара алҵшәа ҳаргьы иҳхьыҧшуп, дара рыхьчара иахьынӡаҳалшо иахьыҧшуп», — иҳәеит Науседа.