«Қырҭтәыла зда ҧсыхәа иҟам ареформақәа зегьы рымҩаҧгара иадҳәаланы иаашәырҧшуа аҽазышәара садгылоит, ари амҩа анагӡара шәзеиҕьасшьоит», — иҩит асоциалтә ааҳаҿы Литва ахада Гитанас Науседа.
Литвы ахада иҳәамҭала, иара итәыла Қырҭтәыла евроинтеграциа иадгылоит.
«Литва Қырҭтәыла евроинтеграциа иадгылоит. Қырҭтәыла зда ҧсыхәа иҟам адемократиатә реформақәа зегьы рымҩаҧгара иадҳәаланы иаашәырҧшуа аҽазышәара садгылоит, ари амҩа анагӡара шәзеиҕьасшьоит», — иҩит Гитанас Науседа Twitter аҿы.
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили европатәи алидерцәа рахь ааҧхьара ҟалҵеит Қырҭтәыла иадгыларц. Саломе Зурабишвили Twitter аҿы авидеоааҧхьара алалырҵәеит.