Германтәыла аиҳабыра Баҭым аӡы арыцқаратә ргылара аиҭашьақәыргыларазы 55 миллион евро азалнахит
2022 шықәса ԥхынҷкәын 7 рзы Германтәыла Афедеративтә республика аиҳабыра адҵала, Германтәыла ареконструкциатә акредиттә банки Қырҭтәыла Аиҳабыра аазырԥшуа Афинансқәа рминистрреи рнапқәа аҵарҩуеит афинансркра иазку аиқәшаҳаҭра. Аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоуп Баҭым тәи амуниципалитеттә инфраструктуратә проект ахәбатәи афаза азы аиҭашьақәыргыларазы 55 миллион евро алхра.
Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәара аинформациа ала, 16 шықәса ирылагӡаны имҩаԥысуа апроект аҳәаақәа ирҭагӡагы, Баҭым аӡытә инфраструктура аҿиара иаҿуп, иахьанӡа апроект азалхын 138 миллион евро.
Апроект иабзоураны 200 000-ҩык иреиҳаны аӡрыжәтә ала еиқәшәазаауеит.