Гелаҭтәи акомплекс аҿы иҟоу аҭагылазаашьа агәаҭаразы Қырҭтәыла италиатәи аклиматолог даҭааит
Гелаҭтәи акомплекс аҿы иҟоу аҭагылазаашьа агәаҭаразы Қырҭтәыла италиатәи аклиматолог даҭааит

Қырҭтәыла акультуреи, аспорти аҿари рминистрра ааԥхьарала, Гелаҭтәи акомплекс аҿы иҟоу аҭагылазаашьа агәаҭаразы Қырҭтәыла италиатәи аклиматолог Александро Масари даҭааит.

Аминистрра аинформациа ала, авизит хықәкыс амоуп, Гелаҭтәи амонастыртә комплекс аҿы иҟоу апроблемақәа рҭыԥқәҵара иазку ауснагӡатә план аԥҵаразы, UNESCO аегидала, амонастыртә  комплекс аҿы иацҵаны агәаҭарақәа мҩаԥгахоит, иаԥҵахоит иашьашәалоу алкаа.

Александро Масари ивизит хықәкыс амоуп аныхабааӡ иҟоу аклиматтә ҭагылазаашьа агәаҭареи, аҭыӡтә сахьаркыра аҭагылазаашьеи, амикроклимати рыбжьара акорелиациа аарԥшреи.

Қырҭтәыла акультуреи, аспорти аҿари рминистрра ааԥхьареи аԥшьгареи рыла, “ИУНЕСКО” аекспертцәа ргәыԥ Гелаҭи амонастыртә комплекс аҿы аҭагылазаашьа аҭҵааразы раԥхьаӡа Қырҭтәыла иаҭааит рашәарамза 23-30 рзы.