Габриелиус  Ландсбергис - Литва – Қырҭтәыла аҩызарала иазыҟоуп, евроатлантикатә шәҽазышәарақәа рҿы ҳшәыдгылоуп
Габриелиус  Ландсбергис - Литва – Қырҭтәыла аҩызарала иазыҟоуп, евроатлантикатә шәҽазышәарақәа рҿы ҳшәыдгылоуп

 

«Сара даҽазнык ишьақәсырҕәәҕар сҭахуп Литва  —  Қырҭтәыла аҩызарала ишазыҟоу, Қырҭтәыла евроатлантикатә ҽазышәарақәа ишрыдгыло, ҳара ҳшәыцхраарц азоуп иахьа абра ҳзыҟоу», — иҳәеит Литва адәныҟатәи аусқәа рминистр  Габриелиус  Ландсбергис Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгаҩы Давиҭ Залкалиани даниҧыла ашьҭахь.

Литва актәи адипломат ишиҳәаз ала, ақырҭуа иколлегеи иареи реиҧылараҿы Аахыҵ Кавказ аҿы ҭагылазаашьеи, ашәарҭадара аганахьала иҟоу апроблемақәеи ирылацәажәеит, иаҵшьны иазгәаҭан арегион ҭынч аҿиара аҵакы.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ишану ала, аиҧылараҿы иазааҭгылеит Қырҭтәылеи Литвеи рпартниорра иаҵанакәа азҵаарақәа, Қырҭтәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциа апроцессгьы уахь иналаҵаны.

Литва адәныҟатәи аусқәа рминистр Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариеи апарламент ахантәаҩы Каха Куҷавеи дырҧылахьеит.

Иахьа  Габриелиус  Ландсбергис Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили дылҧылоит.

Мшаҧы 29 рзы Габриелиус  Ландсбергис,  ампыҵахалатә цәаҳәа иаҧну Оӡиси ақыҭашҟа днеины,   Евроеидгыла Анаҧшратә Миссиа ахаҭарнакцәа дрыцны, аҭыҧаҿы аҭагылазаашьа зеиҧшроу гәеиҭоит.