G7 алидерцәа Газа ахымца аанкылара иадгылеит
G7 алидерцәа Газа ахымца аанкылара иадгылеит

G7 алидерцәа Газа ахымца аанкылара аплан иадгылеит.

Аҳәамҭа аҿы ишану ала, ЕАШ ахада Џьо Баиден иплан ала иазыԥхьагәаҭоуп атҟәацәа рхақәиҭтәра, палестинаа рзы агуманитартә цхыраара ацҵара, Израили Газа ауааԥсреи ршәарҭадара аиқәыршәара.

“Ҳамас ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит ари ажәалагара иақәшаҳаҭхарц, Израиль ари аплан анагӡара иазыхиоуп”, – иануп аҳәамҭа аҿы.