G20 асаммит иалагеит
G20 асаммит иалагеит

Индонезиатәи адгьылбжьаха Бали аҿы G20 асаммит иалагеит. Асаммит аҿы иқәдыргыло зҵаара хадақәа иреиуоуп Украина ицо аибашьра афон аҿы аглобалтә економика азҵаара.

„Ҳара егьырҭ авариантқәа ҳамам, адунеи аиқәырхаразы аусеицура аҭахуп. Ҳажәларқәа рҿаԥхьа мацара акәымкәа, адунеи ауааԥсыра рҿаԥхьа аҭакԥхықәра ду ҳамоуп. Ари аибашьра аҵыхәа ԥҵәатәуп. Ари аибашьра нымҵәар, адунеи ԥхьаҟа ацара алшом. G20 аинклицзивтә економикатә аиҭашьақәыргыларазы икатализаторхароуп. Адунеи аиҟәшара ҟалом, адунеи аҿы иашьтанеиуа “аибашьра хьшәашәа” ҟамлароуп”, – иҳәеит Индонезиа ахада Џьоко Видодо.

G20 асаммит алахәылацәа рҿаԥхьа адистанциатә режим аҿы дықәгылоит Украина ахада Владимир Зеленски.

Урыстәыла ахада Владимир Путин асаммит ихы алаирхәом, Урыстәыла ахьӡ ала асаммит даҭааит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

Асаммит аартра мышкы шагыз, Бали аҿы ЕАШ ахадеи Китаи алидери ҩганкалатәи реиԥылара мҩаԥган.