Гьаргь Маргвелашвили  «Қырҭтәыла ҕәҕәа» далалеит
Гьаргь Маргвелашвили  «Қырҭтәыла ҕәҕәа» далалеит

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Гьаргь Маргвелашвили аполитикатә аидҵара  «Қырҭтәыла ҕәҕәа» далалеит.

Ари атәы еилкаахеит иахьа Гори имҩаҧгаз алхраҧхьатәи аизараҿы.

«Згәыдура дула, ҳаҭыр дула ишәасҳәар сҭахуп абри аидҵара ду, аидгыла ду даҽа бжьык шаиуз. Ҳаидгыла далалеит ҳадгылаҩ ҕәҕәа, ахаангьы акомпромисс ззымдыруаз, аҩ-еиҳабырак рхаан аоппозициаҿы иҟаз ауаҩы. Ари ауаҩы аҳәынҭқарратә институтқәа рхьыҧшымра  ихьчеит. Апатриот ду, намыс змоу, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, компромиссда зхы иақәиҭу Қырҭтәыла ҕәҕәа иазықәҧо ауаҩы», — иҳәеит акаолициа  «Қырҭтәыла ҕәҕәа» алидер  Мамука Хазараӡе алхраҧхьатәи аизараҿы ажәлар Гьаргь Маргвелашвили данрыдигалоз.