Гьаргь Гахариа, Давос, Илҳам Алиев диҧылеит
Гьаргь Гахариа, Давос, Илҳам Алиев диҧылеит

Гьаргь Гахариа, Давос, Илҳам Алиев диҧылеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа, Давостәи адунеизегьтәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Азербаиџьан ахада Илҳам Алиев диҧылеит.

Аамҭа кьаҿ иалагӡаны, Қырҭтәыла Аҧыза-министри Азербаиџьан ахадеи аҩынтәраан еиҧылеит. Ари афакт лабҿаба иаанарҧшуеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рдинамика шыбзиоу.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Азербаиџьани рстратегиатә партниорреи, атәылақәа еицынарыгӡо,  арегионалтә ҵакы змоу атранспорт-енергетикатә проектқәеи, иара убас, ҩ-ганктәи аизыҟазашьақәа рҿы актуалтә ҵакы змоу азҵаарақәеи ирылацәажәеит.

Аҧыза-министр Гахариеи ахада Алиеви ишеиқәшаҳаҭхаз ала, аинтенсивтә аимадара ҳаҧхьаҟагьы инагӡахоит.