Гьаргь Гахариа – Авирус аларҵәара аанкылара ҳалшеит, аха, уи ҳақәгәыҕцәар ҟалом, уезгьы ҳгәы ҳҽанызароуп
Гьаргь Гахариа – Авирус аларҵәара аанкылара ҳалшеит, аха, уи ҳақәгәыҕцәар ҟалом, уезгьы ҳгәы ҳҽанызароуп

 

Қырҭтәыла Аҧыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Гьаргь Гахариа иҳәамҭала, аҧкрақәа рышьақәыргылара инаркны  20 мшы рышьҭахь, атәылаҿы авирус аларҵәара аанкылара рылшеит. Аха, Гахариа ишиҳәаз ала,  уи иақәгәыҕцәар ҟалом, абарҭ алҵшәақәа рыхьчаразы хымҧада ргәы рҽанызароуп.

«Иахьа иаартны иаҳҳәар ҳалшоит, аҵыхәтәантәи амзақәа рыҩнуҵҟа раҧхьаӡа акәны,  17 000 иреиҳаны атестқәа шыҟаҵоугьы, акоронавирус афакт ҿыцқәа 3 000 иреиҵуп.  Ари аҭагылазаашьа агәыҕра ҳнаҭоит, аха, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, ҳара ҷыдала ҳгәы ҳҽанызароуп, избанзар уи раҧхьатәи алҵшәоуп, авирус аларҵәара аанкылатәуп ҳәа анаҳҳәоз абри акәын хықәкыс иҳамаз, ҳара уи ҳалшеит.  Аха, иахьа Европа имҩаҧысуа апроцессқәа  иазҧхьагәаҳҭароуп. Уаҟа, авирус аларҵәара аганахьала есымша аҿыц рекордқәа шьақәдыргылоит.  Европатәи атәылақәа аҧкрақәа рырџьбара иаҿуп, урҭ рыгәҭа, Ашықәс Ҿыцтәи аҧкрақәагьы. Ҳаҧхьаҟа иҟаҳҵо ашьаҿақәа зегьы цқьа ҳрызхәыцны иҟаҳҵароуп,  иахьазы иҳамоу алҵшәа ахьчаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵароуп, раҧхьа иргыланы, зықәрахь инеихьоу ҳуааҧсыра ҳреиҷаҳароуп», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.