Гьаргь Амилахвари Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аушьҭымҭацәа аҵара алгара рыдиныҳәалеит
Гьаргь Амилахвари Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аушьҭымҭацәа аҵара алгара рыдиныҳәалеит

2024 шықәсазы Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет абакалавриати амагистратуреи иалгаз роушьҭымҭацәа адипломқәа ранашьара ацеремониа мҩаԥган. Аныҳәаҿ дыҟан Аҵара аминистр Гьаргь Амилахвари, уи Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аушьҭымҭацәа аҵара алгара рыдиныҳәалеит.

Аминистр Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аушьҭымҭацәа ақәҿиарақәа рзеиӷьаишьеит.

Сынтәа Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет иалгеит 3600-ҩыкастудентцәа. Иване Џьавахишвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҿы 240 рҟынӡа апрограммақәа иҟоуп, урҭиреиуп FIBAA-и ABET-и жәларбжьаратә ккредитациа змоу 27 атәым бызшәақәа рыла аҵара ахьырҵо апрограммақәа. Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет актәи аушьҭымҭацәа аҵара иалгеит 1922 шықәсазы. Ауниверситет ишьаҭаркеижьҭеи иахьанӡа иреиҳаӡоу аҵараиурҭа иалгахьеит 300 000-ҩык иреиҳаны астудентцәа.