Франциеи, Германтәылеи, Польшеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қырҭтәыла азакәанҧҵара аҧсахрақәа алагалара иадҳәаланы аҳәамҭа еицыҟарҵеит 
Франциеи, Германтәылеи, Польшеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қырҭтәыла азакәанҧҵара аҧсахрақәа алагалара иадҳәаланы аҳәамҭа еицыҟарҵеит 

Франциеи, Германтәылеи, Польшеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа  атәым финансыркреи аполитикатә усуреи иазку Қырҭтәыла азакәанҧҵара аҧсахрақәа алагалара иадҳәаланы аҳәамҭа еицыҟарҵеит.

Аҳәамҭа ишану ала,  Қырҭтәыла анапхгара  Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Евроеидгыла аҿаҧхьа рхы иадырҵаз аҧхықәрақәа еиларгоит.

«Ҳара, Франциеи, Германтәылеи, Польшеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа, агәынамӡара ааҳарҧшуеит хәажәкыра 4 рзы Қырҭтәыла апарламент ала  «Атәым финансыркреи аполитикатә усуреи иазку» азакәанахь аҧсахрақәа алагалара иадҳәаланы.

Аҧсахра ҿыцқәа рымшала, Қырҭтәыла аполитикатәи ауаажәларратәи усуразы аҳәынҭқарратә хылаҧшра акырӡа иҕәҕәахеит, уи агәаанагара аарҧшра ахақәиҭра иаҧырхагоуп, ихьыҧшым атәылауаҩратә уаажәларра ақәыҕәҕәара арҕәҕәоит.

Абарҭ аҧсахрақәа рыла,  Қырҭтәыла анапхгара  Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Евроеидгыла аҿаҧхьа рхы иадырҵаз аҧхықәрақәа еиларгоит.

Ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит  адемократиатә европатәи аҧеиҧш иазықәҧо ақырҭуа жәлари атәылауаҩратә уаажәларреи ҳашрыдгыло. Иара убас, ишьақәҳарҕәҕәоит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны атәыла аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло», — иануп аҳәамҭаҿы.