Франциеи Германтәылеи ацҳаражәҳәаҩцәа иҟарҵаз аҳәамҭа – Евроеидгыла Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи ирыднаҳәалоит, уи арегионаҿ аҭышәынтәалареи аҭынчреи азы аҭоурыхтә ҵакы змоу алшароуп
«Евроеидгыла Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи ирыднаҳәалоит, уи арегионаҿ аҭышәынтәалареи аҭынчреи азы аҭоурыхтә ҵакы змоу алшароуп», — иануп Франциа ацҳаражәҳәаҩ Шераз Гасри Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Петер Фишери еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭа ишану ала, 2023 шықәса ҧхынҷкәын азы Евроеидгыла Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазкны аӡбара аднакылоит. Иара убас, ацҳаражәҳәаҩцәа ақырҭуа рҩызцәа рахь ааҧхьара ҟарҵеит абри алшара хшыҩзышьҭра ду азуны, 12 абжьагарақәа нарыгӡарц.
Ацҳаражәҳәаҩцәа ишазгәарҭаз ала, Европа Украина иадгылоит, иахьынӡаҭаххо Украина иацхраауеит.
«Урыстәыла иаиааиуам, уи залшом. Европа зегьы Украина иадгылоит. Урыстәылатәи агрессиа амшала азарал зауз ауааҧсыра рыцхрааразы ҳалшарақәа зегьы еидаҳкылоит.
Шықәсык ҵит, убри анеҩс, Евроеидгыла Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи ирыднаҳәалоит, уи арегионаҿ аҭышәынтәалареи аҭынчреи азы аҭоурыхтә ҵакы змоу алшароуп.
Евроеидгыла алалара амҩа дууп. Уи Евроеидгыла ахықәкқәеи апринципқәеи рықәныҟәара мацара акәӡам иаанаго, Евроеидгыла азакәанҧҵареи, анормақәеи, астандартқәеи рыдкылара ауп иаанаго. 2023 шықәса ҧхынҷкәын азы Евроеидгыла Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазкны аӡбара аднакылоит. Ҳара ақырҭуа ҳҩызцәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит абри алшара хшыҩзышьҭра ду азуны, 12 абжьагарақәа нарыгӡарц», — иануп ацҳаражәҳәаҩцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.