Франциеи Британиа Дуи Украиназы ацхыраара аизырҳаразы еиқәшаҳаҭхеит.
Ари аинформациа аланарҵәеит Британиа Ду аҧыза-министр иадминистрациа.
Борис Џьонсони Еммануель Макрони Германтәыла имҩаҧысуа G7 асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҧылеит.
«Алидерцәа Украина иҟоу акризис иалацәажәеит. Дара ишазгәарҭаз ала, уажәы аибашьра ахадаратә етап иҭагылоуп. Аҧыза-министри ахада Макрони ишазгәарҭаз ала, аибашьраангьы аиҿцәажәарақәа раангьы Украина адгылара арҕәҕәара иазыхиоуп», — иануп Британиа Ду аҧыза-министр иадминистрациа аҳәамҭаҿы.