Франциатә ацҳаражәҳәаҩ анапхгареи аоппозициеи еиқәшаҳаҭхоит ҳәа дақәгәыӷуеит
Франциатә ацҳаражәҳәаҩ анапхгареи аоппозициеи еиқәшаҳаҭхоит ҳәа дақәгәыӷуеит

Апартиақәа еилацәажәарақәа ралагара ахьрылшаз даараӡа сгәы иаахәеит, аҳәынҭқарразы аԥеиԥш бзиа зҭаху ауаа алҵшәа рыԥшаароуп, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Франциа ацҳаражәҳәаҩ Диего Колас.

Колас иажәақәа рыла, амчқәа зегьы еидкылатәуп.

«Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель Қырҭтәыла ивизит аҵак ду аман. Европа Қырҭтәыла шахылаԥшуа иубарҭоуп, ҳара ари атәыла адемократиатә аҿиара нанагӡоит ҳәа ҳгәыӷуеит.

Уажәы амедиациа апроцесс мҩаԥысуеит. Апартиақәа еилацәажәарақәа ралагара ахьрылшаз даараӡа сгәы иаахәеит, аҳәынҭқарразы аԥеиԥш бзиа зҭаху ауаа алҵшәа рыԥшаароуп,» – иҳәеит Франциа ацҳаражәҳәаҩ.