Франциа аԥыза-министр ҿыцс дҟалит  34 шықәса зхыҵуа Габреиль Атал
Франциа аԥыза-министр ҿыцс дҟалит 34 шықәса зхыҵуа Габреиль Атал

Франциа аԥыза-министр ҿыц 34 шықәса зхыҵуа Габреиль Атал иоуп. Франциа аҭоурых аҿы уи зегь реиҳа иқәыԥшу аԥыза-министр иоуп.

Уаанӡа Атал Аҵара аминистрс дыҟан.

Арҭ амшқәа рзы Франциа аԥыза-министр Елизабет Борн лнапынҵақәа шьҭалҵеит.