Финлиандиа аԥыза-министр Сана Марини лнапынҵақәа шьҭалҵеит
Финлиандиа аԥыза-министр Сана Марини лнапынҵақәа шьҭалҵеит

Алхрақәа рҿы аҵахара ашьҭахь, Финлиандиа аԥыза-министр Сана Марини лнапынҵақәа шьҭалҵеит.  АИХқәа ишаарыцҳаз ала, Сана Марини лнапынҵа ашьҭаҵара иазку ашәҟәы ала ахада изылшьҭит. Ахада лыҳәара дақәшаҳаҭит.

Аминистрцәа ркабинет ҿыц иалырхаанӡа, Сана Марини лгәыԥ уажәы аамҭалатәи аиҳабыра астатус ала аусура нанагӡоит.

Финлиандиа апарламенттә алхрақәа рҿы аԥыза-министр Сана Марини лпартиа “Асоциал-демократиатә партиа” аҵахеит. Абжьқәа 95% рыԥхьаӡара ашьҭахь, актәи аҭыԥ аҿы 10.7% рыла иҟоуп аконсервативтә партиа “Амилаҭтә коалициа апартиа”, аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит ультрарӷьаратәи №Финаа рпартиа” – 20.1%.