FBI - Ҳгәы шаанаго ала, Трамп игольфклуб аҿы аҭыԥ змаз ахҭыс ашьра аҽазкран
FBI - Ҳгәы шаанаго ала, Трамп игольфклуб аҿы аҭыԥ змаз ахҭыс ашьра аҽазкран

Ҳгәы шаанаго ала, Трамп игольфклуб аҿы аҭыԥ змаз ахҭыс ашьра аҽазкран, – ВВС ишаанацҳаз ала ари иазгәаҭоуп Аусԥшааратә афедералтә биуро аҳәамҭа аҿы.

Аҳәамҭаҿ ишану ала, аинцидент иадҳәаланы аусԥшаара хацыркуп.

ЕАШ ԥасатәи ахада, ахадарахь акандидат иааигәара ахысбжьы геит. Трамп ишааицҳаз ала, акгьы имыхьит.

Афакт иадҳәаланы хаҿык данкылоуп. CBS News аинформациа ала, ацәгьоуҩы АК-47 атип змоу абџьар иман.