Европеи Евразиеи рызҵаарақәа рзы ЕАШ Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ Џьим О’Браиен аофициалтә визитла Ереван даҭаауеит
Европеи Евразиеи рызҵаарақәа рзы ЕАШ Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ Џьим О’Браиен аофициалтә визитла Ереван даҭаауеит

Рашәара 10-12 рзы Европеи Евразиеи рызҵаарақәа рзы ЕАШ Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ Џьим О’Браиен аофициалтә визитла Ереван даҭаауеит. Ари атәы Џьим О’Браиен асоциалтә каҭаҿы ааицҳаит.

Шәамахьтәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, ЕАШ Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ ЕАШ-и Шәамахьтәылеи рстратегиатә диалог аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥылара мҩаԥигоит. Аиԥылараҿ аганқәа ирыхәаԥшуеит ҩганкалатәи еизыҟазаашьақәа рҿы иҟоу апрогресс, иазааҭгылоит наҟ-наҟтәи ашьаҿақәа

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Европеи Евразиеи рызҵаарақәа рзы ЕАШ Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ Џьим О’Браиен Шәамахьтәыла аиҳабыра ачинҳаракҩцәа дырԥылоит, иара убас апланқәа ирылоуп абизнесменцәеи атәылауаҩратә уаажәлара ахаҭарнакцәеи рҟны аиԥыларақәа рымҩаԥгара.