Џьим О'Браиен - Асанкциақәа хаҭалатәи рсиа цәыргахом, азакәан инақәыршәаны ари аҟаҵара ҟалом.
Џьим О'Браиен - Асанкциақәа хаҭалатәи рсиа цәыргахом, азакәан инақәыршәаны ари аҟаҵара ҟалом.

Ҳгәы шаанаго ала, Қырҭтәыла иазку ҳполитика шьақәҳарӷәӷәоит, Қырҭтәыла имҩаԥысуа ареформақәеи Натои Евроеидгылеи рахь аинтеграциеи ҳрыдгылоит, – иҳәеит Европеи Евразиеи рызҵаарақәа рзы ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Џьим О’Браиен.

Џьим О’Браиен Қырҭтәыла иазкны ЕАШ аполитика аԥсахра иадҳәаланы азҵаара изықәдыргылеит.

“Ҳгәы шаанаго ала, ҳзыхцәажәо азакәан, уи иадҳәалоу ариторика, адемонстрантцәа ирҿагыланы амч ахархәара Евроеидгылеи Натои рышҟа ицо амҩа иаԥырхагоуп. Аиҳабыра рхаҭарнакцәа рҟны, урҭ рыбжьара аԥыза-министр иҟны, аиԥыларақәа сыман. Хгәы шаанаго ала, ари азакәани Қырҭтәыла алнахыз амҩеи еинаалом. Венециатәи акомиссиа – азакәанқәа ирызкны алкаақәаҟазҵооргануп, ҳазҭагылоу амчыбжь азы акомиссиа иџьбароу алкаа ҟанаҵеит. Ҳполитика ԥсаххома ҳәа акәым, Қырҭтәыла анапхгара европатәии евроатлантикатәи аструктурақәа ралаларазы ак аԥсахра алшо алымшо – азҵаара абри ауп. Ҳгәы шаанаго ала, Қырҭтәыла иазку ҳполитика шьақәҳарӷәӷәоит, Қырҭтәыла имҩаԥысуа ареформақәеи Натои Евроеидгылеи рахь аинтеграциеи ҳрыдгылоит,» —иҳәеит Џьим О’Браиен.

Џьим О’Браиен ишазгәеиҭаз ала, асанкциақәа хаҭалатәи рсиа цәыргахом, азакәан инақәыршәаны ари аҟаҵара ҟалом.

Иацы ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы ишану ала, Аҳәынҭқарратә департамент аӡбарала, Қырҭтәыла адемократиа аҵшәааразы аҭак зыԥхықәу ахаҿқәеи урҭ рҭацәарақәа рылахәылацәеи рганахьала Қырҭтәыла аганахьала авизатә аԥкрақәа рполитика аларгалоит.