Европатәи ҳәынҭқаррақәак  Европа ахеилак ахантәаҩы тәыла аҳасабала Венгриа еиҿнакаауа аминистрцәа реиҧыларақәа рхы рыладырхәом
Европатәи ҳәынҭқаррақәак  Европа ахеилак ахантәаҩы тәыла аҳасабала Венгриа еиҿнакаауа аминистрцәа реиҧыларақәа рхы рыладырхәом

Европатәи ҳәынҭқаррақәак  Европа ахеилак ахантәаҩы тәыла аҳасабала Венгриа еиҿнакаауа аминистрцәа реиҧыларақәа рхы рыладырхәом.

Reuters ишану ала, арҭ атәылақәа рдемарш мышқәак раҧхьа Виктор Орбан Владимир Путин иҟны имҩаҧигаз аиҿцәажәарақәа ирыдҳәалоуп, европатәи лидерцәақәак ари афакт ргәамҧхеит.

«Венгриа ахымҩаҧгашьа Евроеидгыла ҧырхага азаанагоит, уи Будапешт азы иашьашәалоу алҵшәа ахылҵроуп. Убри аҟынтә,  Швециа ҧхынгәы азы имҩаҧысраны иҟоу аиҧыларақәа ирылахәхәом», — илҳәеит Европа азҵаарақәа рзы швециатәи аминистр Џьессика  Росвалл.

Лара лажәақәа рыла,  Швециеи, Финлиандиеи, Естониеи, Латвиеи, Литвеи, Польшеи рҟынтә арҭ аиҧыларақәа ирылахәхәоит аминистрцәа ракәымкәа,  аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа мацара.

Венгриа Евроеидгыла ахантәаҩыс иҟалеит аротациа апринципла, ҧхынгәы 1 азы, атәыла ари астатус амазаауеит ҧхынҷкәын 31-нӡа.