Европатәи Ахеилак Урыстәылеи Беларуси рзы асанкциақәа арҭбааит. «Асиа еиқәа» аалагалоуп даҽа 160ҩык алигархцәеи Урыстәыла Афедерациа Ахеилак алахәылацәеи. Аҧкрақәа рыдкьыслоит амшынтә навигациатә аибыҭара Урыстәылаҟа аекспорти, акриптовалиутақәа реикәшареи, иара убас, Беларусь абанктә сектори.
2022 шықәса мшаҧы 12 инаркны Евроеидгыла ахаахәҭратә платформақәа Беларусь иатәу аобиектқәа амаҵзура рыдгалара азин рымам.
«Иацаҳҵаз абарҭ асектортә санкциақәа рыла ҳара ашьҭымҭа ҕәҕәа дәықәаҳҵоит: Путин, Лукашенко дицырхрааны, Украина даҿагыланы имҩаҧиго азакәандаратә агрессиа иахәҭоу ақәҿыҭра амоуп», — иҳәеит Џьозеф Боррелл.