Европатәи атәылақәа рлидерцәа Украина шадгыло даҽазнык шьақәдырӷәӷәеит
Украина ахада Володимир Зеленски иҟны онлаин-аԥылараан Европатәи атәылақәа рлидерцәа Украина шадгыло даҽазнык шьақәдырӷәӷәеит.
Онлаин-аԥылара мҩаԥган Володимир Зеленскии Дональд Трампи Аҩны шкәакәаҿ реиԥылара ашьҭахь, – аанацҳаит Даунинг-стрит.
Германиа аканцлер Фридрих Мерц ишазгәеиҭаз ала, аҭынчрахь амҩаҿ Украина Германтәылеи европатәи апартниорцәеи рыдгылара амоуп.
“Ахада Зеленскии Украинеи Германтәылеи европатәи апартниорцәеи рыдгылара рымоуп. Ахада Трамп иҟны аиԥылара ашьҭахь ҳаицәажәеит, акоординациа змоу ашьаҿақәа рыҟаҵаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит. Уажәы Украина аплан наӡа амазароуп”, – иҳәеит Мерц.
Европатәи Ахеилак ахада Антонио Кошта иажәақәа рыла, иааиуа амчыбжь азы Европатәи Ахеилак асаммит аҿы алидерцәа адгылара арӷәӷәареи Урыстәыла ақәыӷәӷәареи рзы иконкреттәу ашьаҿақәа ирылацәажәоит.
“Ахада Трамп иҟны аиԥылара ашьҭахь ахада Зеленски сиацәажәеит. Ҳара ҳаззегьы хықәкы хадас иҳамоуп Украина азы ииашоу, иааиԥмырҟьоу аҭынчра ашьақәыргылара. Уи азы иаҭахуп арратә, афинансттә, адипломатиатә цхыраара, иара убас ашәарҭадаратә гарантиақәа”, – иҳәеит Кошта.
Финландиа ахада Александр Стуб иҳәеит Европа Украина ӷәӷәала ишадгыло.