Европарламент Џьо Баиден иахь ааԥхьара ҟанаҵоит, Путин асанкциа ҿыцқәа ралагалара иазкны агәҽанҵара ииҭарц
Европарламент Џьо Баиден иахь ааԥхьара ҟанаҵоит, Путин асанкциа ҿыцқәа ралагалара иазкны агәҽанҵара ииҭарц. “Европа жәлартә партиа” аполитикатә гәыԥ Твиттер аҿы авидеонҵамҭа аланарҵәеит.
Авидеонҵамҭаҿ польшатәи адепутат Радослав Шикорски ЕАШ алидер иахь ааԥхьара ҟаиҵоит, Урыстәыла егьырҭ атәылақәа ршантаж нанагӡозар, “Северныи поток 2” иаҿагыланы асанкциақәа рырҿыцра аӡбара ашрыдыркыло Путин агәҽанҵара ииҭарц.
Иахьа, Женева ЕАШ ахадеи Урыстәыла ахадеи раԥхьаӡатәи реиԥылара мҩаԥысуеит.