Европарламент ахада - Ҳара Европа аенергетикатә ганахьала Урыстәыла иахьыҧшымзарц иҟаҳҵароуп
«Украинаа гәымшәақәа есымша аурыс танкқәа иқәырхуеит, убри аамҭазы ҳара Урыстәыла атанкқәа ҿыцқәа раахәаразы аҧара аҳҭоит», — илҳәеит Европарламент ахада Роберта Метсола.
Лара лажәақәа рыла, Европа, излауа ала ирласны, Урыстәылатәи аенергомҩангагақәа рхьыҧшызаара еиҵнатәароуп.
Метсола ишазгәалҭаз ала, Евроеидгыла иҟанаҵаз азхом, избанзар, уажәгьы аибашьра мҩаҧысуеит.
«Европа, излауа ала ирласны, Урыстәылатәи аенергомҩангагақәа рхьыҧшызаара еиҵнатәароуп. Уи ҳзыҟамҵар, аибашьра аҧара азоушьҭра наҳагӡоит. Украинаа гәымшәақәа есымша аурыс танкқәа иқәырхуеит, убри аамҭазы ҳара Урыстәыла атанкқәа ҿыцқәа раахәаразы аҧара аҳҭоит. Апарламент еилыкка аанацҳаит Евроеидгыла, уи иалоу атәылақәа урыстәылатәи агаз иахьыҧшымзарц азыҳәан иаҭаху зегьы аҟаҵара шауалу», — илҳәеит а Метсола.