Европарламент аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Евроеидгыла атәылақәа рҭааразы иаҭаху ацифратә документқәа рзы аӡбара рыдыркылеит
Европарламент аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Евроеидгыла атәылақәа рҭааразы иаҭаху ацифратә документқәа рзы аӡбара рыдыркылеит. Иҟоу адыррақәа рыла, адокумент аҿы аарԥшхоит акоронавирус ачымазара ахгара, аковидтест ма алаҵа аҟаҵара ирызку адыррақәа.
Евроеидгыла иалоу атәылақәа ртәылауаа асертифика аиура рылшоит алаҵа актәи адоза рзыҟарҵахьазар.
Иахьазы иҟоу аинформациа инақәыршәаны, Евроеидгыла иалоу 27 тәылақәа рахь аҭааразы асертификат иаҵәа роуеит Европа амедикаментқәа рагентра аҟынтә асертификатқәа зауз алаҵақәа ззыҟарҵаз атуристцәа мацара. Арҭ алаҵақәа роуп «Пфаизер», «Модерна», «Астразенека», «Џьонсони џьонсони».
Аха Евроеидгыла иалоу атәылақәа дара-дара рыӡбарц ирылшоит егьыҭ алаҵақәа – «Срнофарм» ма «Астразенек» индиатәи авариант «Ковидшилд» ззыҟарҵахтаз атуристцәа рыдкылара азҵаара.
Аныҟәаразы адокумент аофициалтә хьӡыс арҭоит «Евроеидгыла ацифратә ковид сертификат».