Европа агәҭантәи мрагыларатәи ахәҭақәа рҿы аӡхыҵра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара иацлеит
Европа агәҭантәи мрагыларатәи ахәҭақәа рҿы аӡхыҵра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара иацлеит

Европа агәҭантәи мрагыларатәи ахәҭақәа рҿы аӡхыҵра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара иацлеит. Румынтәыла хәҩык ҭахеит.

Австриагьы иҭахаз ауаа иҟоуп. Аиқәырхаратә операциаан абылрацәыхьчаҩк дҭахеит. Вена ааигәара иҟоу апровинциа аҧсабаратә рыцҳара азонас рыларҳәеит.

Чехиагьы аӡхыҵра ду иҟоуп. Атәыла мрагыларатә регионқәа рҟынтә зқьҩыла ауааҧсыра аевакуациа рызуп. 200 нызқьҩык раҟара афымца рымам. Ҧшьҩык хабарда иӡит ҳәа иҧхьаӡоуп.