Еврокомиссиа ахада  - Евроеидгылаҿы авакцинациа иалагоит ҩымш рышьҭахь, ҳара етапла анормалтә ҧсҭазаара азыхынҳәра ҳалшоит
Еврокомиссиа ахада  - Евроеидгылаҿы авакцинациа иалагоит ҩымш рышьҭахь, ҳара етапла анормалтә ҧсҭазаара азыхынҳәра ҳалшоит

Еврокомиссиа ахада  – Евроеидгылаҿы авакцинациа иалагоит ҩымш рышьҭахь, ҳара етапла анормалтә ҧсҭазаара азыхынҳәра ҳалшоит

Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен агәыҕра ду лымоуп Евроеидгылаҿы авакцинациа ианалагалак ашьҭахь, етапла анормалтә ҧсҭазаара иазыхырҳәыр рылшап ҳәа.

Урсула фон дер Лаиен ари атәы лҩит амикроблог  «Твиттер» аҿы.

«Сынтәа Қьырса аҟазшьа ҷыда амоуп, избанзар агәыҕра ду ҳазҭо ашьҭымҭа ҳауит: ҳара, ҳаидгыланы, авирус ҳаиааиуеит.  Евроеидгылаҿы авакцинациа иалагоит ҩымш рышьҭахь, ҳара етапла анормалтә ҧсҭазаара азыхынҳәра ҳалшоит. Аха, уаанӡа, ҳгәы ҳҽанызароуп. Қьырса шәыдысныҳәалоит», —  илҩит  Урсула фон дер Лаиен.

Ҧхынҷкәын 21 рзы Европатәи амедицинатә агентра, анеҩс,  Еврокомиссиагьы аилахәырақәа  Pfizer-и BioNtech-и иҟарҵаз авакцина иақәшаҳаҭхеит.