Евроеидгыла урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы аҳауатә еимадара анаркит. Ари атәы аалыцҳаит Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен.
“Урыстәыла иатәу, Урыстәыла иҭаҩу ма Урыстәыла изхылаԥшуа иарбанзаалак аҳаирпланқәа, аолигархцәа рҳаирпланқәа уахь иналаҵаны, рзы Евроеидгыла аҳауатә қәыԥшылара аркуп. Урҭ аԥырра, атәара, Евроеидгыла аҳауатә қәыԥшылараҿ ахыԥраара рылшом,” – илҳәеит Урсула фон дер Лаиен.