Евроеидгыла Украинеи Молдовеи аиҿкаара ралалара иазку аиҿцәажәарақәа аофициалла иахьа иалагоит
Евроеидгыла Украинеи Молдовеи аиҿкаара ралалара иазку аиҿцәажәарақәа аофициалла иахьа иалагоит

Евроеидгыла Украинеи Молдовеи аиҿкаара ралалара иазку аиҿцәажәарақәа аофициалла иахьа иалагоит, – аанацҳаит “Роитер”.

Акьыԥхь аинформациа ала, ари Евроеидгылеи арҭ атәылақәеи еицымҩаԥырго актәи аиҳабырабжьаратәи конференциоуп.

Лиуксембург имҩаԥысуа аиҳабырабжьаратә конференциаҿ, европатәи аган аиҿцәажәарақәа рҳәаа цәынагоит, уи иашьаҭала имҩа́ԥысуеит иашьҭанеиуа аиҿцәажәарақәа.