Евроеидгыла ахеилак Урыстәыла аганахьала асанкциақәа 14-тәи рпакет шьақәнарӷәӷәеит
Евроеидгыла ахеилак Урыстәыла аганахьала асанкциақәа 14-тәи рпакет шьақәнарӷәӷәеит

ეЕвроеидгыла ахеилак Урыстәыла аганахьала асанкциақәа 14-тәи рпакет шьақәнарӷәӷәеит. Асанкциа ҿыцқәа рыла, аԥкрақәа рзышьақәдырӷәӷәеит Урыстәыла аекономикаҿ ихадароу асекторқәа – аенергетикеи, афинанқәеи, ахәаахәҭреи.

Евроеидгыла асанкциақәа рыла, аполитикатәи партиақәеи афондқәеи, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи Урыстәылантә афинансркра аиура зин рымхуп, асанкциақәа рсиа иалалгеит 166 аиуристтәи афизикатәи хаҿқәа.

Украина ахада иаппарат анапхгаҩы Андреи Ермак ишааицаз ала, Евроеидгыла асанкциақәа рыла, апроектқәа Arctic LNG 2-и Murmansk LNG-и рхыркәшаразы иаҭаху аинвестициа ҿыцқәеи, аалыҵи, атехнологиақәеи, амаҵзуреи рзы аԥкрақәа шьақәнаргылеит.