Евроеидгыла ахаҭарнакра – Ассоциациа иазкә аиқәшаҳаҭра шьаҭас измоу ареформақәа, Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара алаларазы ихадоу шьаҿақәоуп
Ассоциациа иазкә аиқәшаҳаҭра шьаҭас измоу ареформақәа, Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара алаларазы ихадоу шьаҿақәоуп, – иануп “Феисбук” аҿы Евроеидгыла ахаҭарнакра аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.
Евроеидгыла ахаҭарнакра аланарҵәаз атекст аҿы ишану ала, ассоциациа иазкә аиқәҭаҳаҭра анапы аҵарҩижьҭеи 9 шықәса ҵит. Ахаҭарнакра аҳәамҭаҿ Қырҭтәыла ари амш адырныҳәалоит.
“Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара ассоциациа иазкә аиқәҭаҳаҭра анапы аҵарҩижьҭеи 9 шықәса ҵит. Ассоциациа иазкә аиқәшаҳаҭра шьаҭас измоу ареформақәа, Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара алаларазы ихадоу шьаҿақәоуп. Қырҭтәыла ари амш адаҳныҳәалоит”, – иануп аҳәамҭа аҿы.