Евроеидгыла авизадатә режим иазкны Шәамахьтәылаҟны аиҿцәажәара иалагоит
Иахьа, Евроеидгыла ахеилак аҿы, адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа, авизадатәи режим иазкны Шәамахьтәылаҟны аиҿцәажәара алагара иадҳәаланы Еврокомиссиа иаднакылаз аӡбара иадгылеит.
Reuters ишану ала, Шәамахьтәыла авизадатә режим аиуеит аконкреттә аҳәарақәа нанагӡар. Ари апроцесс шықәсқәак аҭаххар ҟалап.
Шәамахьтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Арарата Мирзоиан ишиҳәаз ала, «уи Шәамахьтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа рырҭбааразы зҵакы дуу хҭысуп».