Евроеидгыла ацҳаражәҳәҩцәа Украинеи Молдовеи ралаларазы аиҿцәажәарақәа рформат азы еиқәшаҳаҭхеит
Евроеидгыла ацҳаражәҳәҩцәа Украинеи Молдовеи ралаларазы аиҿцәажәарақәа рформат азы еиқәшаҳаҭхеит

Евроеидгыла ацҳаражәҳәҩцәа Украинеи Молдовеи ралаларазы аиҿцәажәарақәа рформат азы еиқәшаҳаҭхеит, – ааицҳаит Евроеидгыла ахантәаҩ-тәыла, Бельгиа ахаҭарнак.

Уаанӡа ари ажәалагала иаҿгылоз Венгриа, уажәы аӡбамҭа иақәшаҳаҭхеит.

Иашьҭанеиуа аетап – аиҳабырабжьаратә конференциоуп, уи рашәара 25 рзы мҩаԥыргароуп, аконференциаҿ алаларазы аиҿцәажәарақәа аофициалла иалагоит.

Рашәара 7 рзы Еврокомиссиаҿ шьақәдырӷәӷәеит Украинеи Молдовеи рганахьала евроинтеграциа иазкы ареформақәа ахәшьара бзиа шроуз.