Евроеидгыла аофициалла иалагоит Молдова ашәарҭадара асектор арҕәҕәара иазку амиссиа
Евроеидгыла аофициалла иалагоит Молдова ашәарҭадара асектор арҕәҕәара иазку амиссиа. Ари атәы иануп Евроеидгыла Ахеилак аҳәамҭаҿы.
«Иахьа Евроеидгыла Молдоватәи ареспубликаҿ аофициалла иалагоит ари атәыла ашәараҭадара асектор арҕәҕәара иазку амиссиа», — иануп аҳәамҭаҿы.
Зыӡбахы ҳәоу амиссиа аҧҵан Молдова анапхгара рыҳәарала. Амиссиа хықәкыс иамоуп агибридтә шәарҭарақәа раҧыхра иазку аструктурақәеи акризистә напхгараҭара амеханизмқәеи рырҕәҕәара.
Бриуссель ишырҳәаз ала, Молдова амиссиа аҧҵара ахымҧадара цәырҵит атәыла адестабилизациа иазку аҽазкрақәа рымшала.