Евроеидгыла анаԥшртә миссиаҿ шьақәдырӷәӷәеит, Меџьврисхеви ақыҭаҿ, ампыҵахаларатә цәаҳәа ааигәара Евроеидгыла анаԥшратә миссиа аԥыԥшраан, аурыс аруаа аҳауахь хынтә-ԥшьынтә ихысит
Евроеидгыла анаԥшртә миссиаҿ шьақәдырӷәӷәеит, Меџьврисхеви ақыҭаҿ, ампыҵахаларатә цәаҳәа ааигәара Евроеидгыла анаԥшратә миссиа аԥыԥшраан, аурыс аруаа аҳауахь хынтә-ԥшьынтә ихысит

Евроеидгыла анаԥшртә миссиаҿ шьақәдырӷәӷәеит, Меџьврисхеви ақыҭаҿ, ампыҵахаларатә цәаҳәа ааигәара Евроеидгыла анаԥшратә миссиа аԥыԥшраан, аурыс аруаа аҳауахь хынтә-ԥшьынтә ихысит.

Евроеидгыла анаԥшртә миссиа аҟынтә ишаарыцҳаз, анаԥшратә миссиа ахаҭарнакцәа ашәарҭадара апротокол инақәыршәаны атерриториа аанрыжьит.

Евроеидгыла анаԥшртә миссиа аполитикатә абжьагаҩ иажәақәа рыла, аҳәамҭа ҟарҵоит аҭагылазаашьа анҭырҵаауа ашьҭахь.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Иракли Анҭаӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала, Меџьврисхеви ақыҭаҿ, ампыҵахаларатә цәаҳәа ааигәара аҭыԥ змаз аинцидент иахьа Ергнеҭи имҩаԥгаз аиԥылараҿ зҵаара хаданы иқәгылан.

Иара убас, аиԥылараҿ ақырҭуа ган идҵаны иқәнаргылеит изакәанымкәа иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа рзақәиҭтәра. Иҟоу адыррақәа рыла, де-факто арежим изакәанымкәа иҭакны ирымоуп бжьҩык Қырҭтәыла атәылауаа.