Евроеидгыла адныҟатәи аусқәа рмаҵзура аҳәамҭа аланарҵәеит -  Евроеидгыла Қырҭтәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит  адемократиа гәык ала аҟазаара рыхьчрц, атәылауаа аҭынчратә протест амҩаԥгара зин шрымоу иргәалашәарц

Евроеидгыла адныҟатәи аусқәа рмаҵзура “Атәым нырра алабҿабара иазкә” азакәан адкылара инамаданы, Евроеидгыла  иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеф Боррель иҳәамҭа аланарҵәеит.

„Аҩашаҽны Қырҭтәыла апарламент актәи аԥхьарала “Атәым нырра алабҿабара иазкә” азакәан аднакылеит. Ари Қырҭтәылеи уи ауааԥсыреи рзы даара ицәгьоу аҭагылазаашьоуп. Азакәан уажәтәи аформала атәылауаҩратә уаажәларреи аихқәеи анегативтә алҵшәақәа рзаанагар алшоит. Ари азакәан Евроеидгыла ахәынаӡарақәеи астандартқәеи ирнаалом. Уи Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара ахықәкы иаҿагылоит. Ари азакәан адкылара ҳаизыҟазаашьақәа ԥхасҭанатәар алшоит. Евроеидгыла Қырҭтәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит адемократиа гәык ала аҟазаара рыхьчрц, атәылауаа аҭынчратә протест амҩаԥгара зин шрымоу иргәалашәарц”, –  иануп аҳәамҭа аҿы.