Естониа аҧыза-министр Каиа Каллас Жозеп Боррель иҭыҧ аанкылара дақәгәыҕуам
Естониа аҧыза-министр Каиа Каллас Жозеп Боррель иҭыҧ аанкылара дақәгәыҕуам

Естониа аҧыза-министр Каиа Каллас адәынаҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу акомиссар Жозеп Боррель иҭыҧ аанкылара дақәгәыҕуам.

Каиа Каллас ари аҳәамҭа ҟалҵеит лпартиа ахаҭарнакцәа данырҧыла ашьҭахь. Лара ишылҳәаз ала, алидерцәа реиҧыларанӡа жәымш аанхеит, ари аамҭа иалагӡаны зегь ҟалар ауеит.

Каиа Каллас  Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнакс дҟарҵар, Естониа аиҳабыра рнапхгаҩы ҿыц  иалхра рықәшәоит.

Евроеидгылаҿ иреиҳаӡоу аҭыҧқәа раанкылара иазку аӡбара рыларҳәоит рашәара  28 рзы.