Ергнети  Аинцидентқәа рҧырҟәҟәаареи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҧылара мҩаҧган 
Ергнети  Аинцидентқәа рҧырҟәҟәаареи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҧылара мҩаҧган 

Ергнети  Аинцидентқәа рҧырҟәҟәаареи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҧылара мҩаҧган. Уи аҿы ҧасатәи аиҧылара инаркны иахьанӡа иҟалаз аинцидентқәа ирылацәажәеит.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррақәа рыла,  ақырҭуа аган даҽазнык  азҵаарақәа иқәдыргылеит Қырҭтәыла атәылауаҩ Ҭамаз Гинтури дызшьыз ауаҩы  ихьырхәра иадҳәаланы. Иара убас,  закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа зегьы рхақәиҭтәра иаҳәеит.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра ду азун ауаа реиҭаҵра ахақәиҭра аҧкра азҵаарагьы.

Зыӡбахәы ҳәоу амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны анеҩстәи аиҧылара мҩаҧгахоит  2026 шықәса хәажәкыра 31 рзы.