Еревантәи ахәаахәҭратә центр аҿы аԥжәараан  ахәарқәа зауз рхыԥхьаӡара 34-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Еревантәи ахәаахәҭратә центр аҿы аԥжәараан ахәарқәа зауз рхыԥхьаӡара 34-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Еревантәи ахәаахәҭратә центр аҿы аԥжәараан ахәарқәа зауз рхыԥхьаӡара 34-ҩык рҟынӡа инаӡеит, урҭ дреиуоуп 5 шықәса зхыҵа аӡӷаб.

Ахәаахәҭратә центр аҿы аԥжәараан аӡәы дҭахеит, уи 45 шықәса зхыҵуа ахаҵа иоуп.

Шәамахьтәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аинформациа ала, иахьа ахәаахәҭратә центр “Сурмалу” аԥжәара ҟалеит апиротехника аҵәахырҭа аҿы. Ацентр ахыбра былуеит, аиқәырхаҩцәеи амцарцәаҩцәеи амца арцәара уажәгьы иаҿуп.