Ереван имҩаԥысуа аҿагыларатә акциаҿ 134-ҩык ааныркылеит
Ереван имҩаԥысуа аҿагыларатә акциаҿ 134-ҩык ааныркылеит

Ереван имҩаԥысуа аҿагыларатә акциаҿ 134-ҩык ааныркылеит, – аарыцҳаит Шәамахьтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.

Акциа алахәылацәа административтә зинеилагарақәа рзакәанеидгыла 182-тәи ахәҭаҷла – аполициаа рҳәатәы ацымныҟәаразы иаанкылан.

Архиепископ Баграт Галстиан иааԥхьарала шьыжь инаркны атәылауаа акциақәа нарыгӡоит. Галстиан иацы зегьеицырзеиԥшу азабастовкақәралагаразы ааԥхьара ҟаиҵеит.