Ентони Блинкен -  Польши  "алашара иаҵәа" аиуит Украина арратә ҳаирпланқәа аҭаразы
Ентони Блинкен -  Польши  "алашара иаҵәа" аиуит Украина арратә ҳаирпланқәа аҭаразы

НАТО иалахәы Польша Украина арратә ҳаирпланқәа аҭаразы  «алашара иаҵәа» аиуит, ари атәы ааицҳаит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен  CBS аинтервиу анеиҭоз.

Блинкен иҳәамҭала,  уажәазы польшатәи аган рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит.

«Уажәазы ҳара польшатәи аган рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧаагоит дара украинаа анырҵәагақәа рыҭара рыӡбар Варшава аҭаххарақәа рынагӡаразы иҟаҵатәу азы. Ҳара иҟаҳҵар иҳалшои? Дара украинаа ирырҭо анырҵәагақәа рцынхәрас даҽа нырҵәагақәак шраҳҭо агәра ргарц азыҳәан иҟаҵатәуи?», — иҳәеит  Блинкен.