Ентони Блинкен Китаи вице-ахада диԥылеит
Ентони Блинкен Китаи вице-ахада диԥылеит

ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен ЕАР ассамблеиа хада аҳәаақәа ирҭагӡаны, Китаи вице-ахада Ҳан Женг диԥылеит, – аанацҳаит “Роитер”.

Акьыԥхь аинформациа ала, ари аиԥылара Китаи ахада Си Ӡинпини ЕАШ алидер Џьо Баидени реиԥылара ашьаҭа шьҭанаҵар ҟалап.

“Адунеи ҳаизыҟазаашьақәа ҭакԥхықәрала ҳшазныҟәо абара аҭахуп. ЕАШ ари аҟаҵара азыхиоуп. ЕАШ аперспектива ала, ишиашоу адипломатиа ари ахырхарҭа аҿагылареи аусеицура ашьаҭа ашьҭаҵаразы зегь реиҳа ибзиоу мҩоуп“, – иҳәеит Блинкен.