«Енерго-Про Джорджиа» -  Афымца атариф хымҧада ишьҭыҵуеит
«Енерго-Про Джорджиа» -  Афымца атариф хымҧада ишьҭыҵуеит

«Енерго-Про Джорджия»  агенералтә директор Михаил Боцваӡе ишиҳәаз ала, афымцазы ахархәаратә тариф хымҧада ишьҭыҵуеит, избанзар  2018 шықәса ажьырныҳәа 1 азы ишьақәыргылаз уажәтәи атариф афымца аахәаразы иазхом.

«Ҳара ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаауеит ари азҵаара ауаа рсоциалтә ҭагылазаашьа ишадҳәалоу, уи адагьы, афымца ахә анацлалак,  еиуеиҧшым ашәарҭарақәа рымшала ауалқәагьы иазҳар ауеит.  Аха, егьи аганахьала,  иааҳхәаз афымца ахәҧса ҳмоур, аинвестициатә проектқәа аҧара рзоурмышьҭыр, аилахәыра аусура зынанагӡом. Ауаа афымцала реиқәыршәара аганахьала апроблема цәырҵыр ауеит. Ҳара Афымца ахылаҧшра акомиссиа аӡбара ҳазыҧшуп, дара уажәтәи аҭагылазаашьа иашьашәалоу аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит, афымца ахә ацҵатәуп, уаҳа ҧсыхәа ҳамам», — иҳәеит Боцваӡе.