Еммаруель Макрон - Урыстәылазы ашәарҭадара аныҟам, Европатәи ашәарҭадарагьы ыҟам
Еммаруель Макрон - Урыстәылазы ашәарҭадара аныҟам, Европатәи ашәарҭадарагьы ыҟам

Украина Нато алалара Урыстәылеи Франциеи рконфронтациа ахылҵеит,  убри аҟынтә ари Урыстәыла мацара акәымкәа, адунеи зегьы ашәарҭадара зҵаароуп, – иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Франциа ахада Еммануель Макрони иареи еицымҩаԥыргаз апрессконференциа аҿы.

Урыстәыла ахада иажәақәа рыла, Нато Ҟрым Украина иузеиҟәымҭзуа хәҭоуп ҳәа аԥхьаӡоит,  Урыстәыла ахатә дгьылны, Нато адоктринатә  документқәа рҿы Урыстәыла аӷаны аарԥшуп.

“Иаҳҳәап,Украина Нато иалалаеит, ахәԥатәи ахәҭа аԥымхкәа, ари аибашьра мҩала аԥсахра рҽазыркыр. Сшәазҵаар сҭахуп, Урыстәылаҟны аибашьра шәҭахума?  Франциеи Урыстәылеи еиҿагылар шәҭахума? Ари ас иҟалоит! Ари Урыстәыла мацара акәымкәа, адунеи зегьы ашәарҭадара зҵаароуп,” – иҳәеит Путин.