EMAAR агәыԥ ашьаҭаркҩы - Қырҭтәыла адунеи аҿы иреиҳау арбагақәа амоуп, абас еиԥш иҳараку аекономикатә ҿиара аӡәгьы имаӡам
EMAAR агәыԥ ашьаҭаркҩы - Қырҭтәыла адунеи аҿы иреиҳау арбагақәа амоуп, абас еиԥш иҳараку аекономикатә ҿиара аӡәгьы имаӡам

Қырҭтәыла аекономикатә еихьӡарақәа ирызку аинформациа аныубо, еилукаауеит атәылаҿы аекономикатә азҳара ду шыҟоу. Ауаҩы еиликаауеит ари атәылаҿ аусқәа ибзины шыҟарҵо, – иҳәеит EMAAR агәыԥ ашьаҭаркҩы Мохаммед Алаббар Eagle Hills аофис аартраҿы данықәгылоз.

Алаббар иажәақәа рыла, Қырҭтәыла адунеи аҿы иреиҳау арбагақәа амоуп, абас еиԥш иҳараку аекономикатә ҿиара аӡәгьы имаӡам.

ЕМААР агәыԥ Қарҭи Баҭыми рҿы ультраҳаамҭазтәи аурбантә проектқәа рынагӡаиа алагоит. 6,5 миллиард адоллар ахса змоу апроекта Tbilisi Waterfront-и Gonio Yachts & Marina-и Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аалыҵ  аизҳареи, есышықәса 350 нызқьҩык инареиҳаны атуристцәа раареи, 10 миллиард доллар инареиҳаны аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа раԥҵареи, аргылареи, ахәаахәҭреи, 30 нызқь аусуратә ҭыԥқәа раԥҵареи адгылоит.